Зыхəтəыла Аҳəынҭқарра
Материал из Wikipedia.
Аҩада-мраҭашәаратә Кавказ Зыхәтәыла Аҳәынҭқарра иҟоуп. Атерриториа – 7.600-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо – 447.109-ҩык (2002 ш.). Ақалақь Маиҟәаҧа (156.931) Зыхәтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьк Адыга Ақалақь (12.209) ауп. Административ-территориалтә ашара – ҩ-қалақьк (Маиҟәаҧа, Адыга Ақалақь), Маиҟәаҧа ақалақь ахадара дгьылқәа, бжь-раионк (Ҭахәҭамыҟәаи, Ҭеукаж, Красногәардеиское, Шауџьанҳабла, Кошьҳабла, Џьаџьа, Маиҟәаҧа) иҟоуп. Аурыс бызшәеи аедыгь бызшәеи аҳәынҭқарратә бызшәақәа роуп.
Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 27.07.1922 - 23.08.1922 - Черқьезтәи (Аедыгьтәи) Автономтә Област; 24.08.1922 – 1928 - Аедыгьтәи (Черқьезтәи) Автономтә Област; 1928-1991 - Аедыгьтәи Автономтә Област; 1991 инаркны - Зыхәтәыла Аҳәынҭқарра.