Сергей Багаҧшь Жәлар Реизара иаирдырит есы-шықәсатәи Апрезидент инаишьҭуа ашәҟәы
Материал из Wikipedia.
Аҟәа - Сергей Багаҧшь Жәлар Реизара иаирдырит есы-шықәсатәи Апрезидент инаишьҭуа ашәҟәы. Аҳәамҭа-шәҟәы шьақәыргылоуп Сергей Багаҧшь Апрезидент иаҳасаб ала иусура нап аркра шықәсык аҵра инақәыршәаны. "Иаҳхысыз ашықәс ҳауаажәлар рҿы аҳәынҭқарра Ахада иалхра аантәи агәаанагарақәа реиқәымшәара дуқәа риааира иашықәсны аҭоурых аҿы иаанхоит. Ажәлар рҟәыҕара, иреиҳаӡоу ахықәкы - ихыҧшым идемократиатәу аҳәынҭқарра аргылара - азыҳәан зхатәы амбициақәа аанзыжьыз ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа рҭакҧхықәра исҳәарц сылнаршоит: ихадароу астратегиатә дҵа - ихацыркыз аиҭакрақәа шьҭахьҟа рхьаҳәра алмыршара - нагӡоуп ҳәа", - - иҳәеит Апрезидент. 15.02.2006 Аҧсныпресс