Имҩаҧысуеит Қырҭтәылатәи автономиақәа рхадақәa рҧылара
Материал из Wikipedia.
Ишеилкаахаз ала, Москва имҩаҧысуеит Қырҭтәылатәи автономиақәа рхадақәа рҧылара. Москва, Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра ахыбраҿы имҩаҧысуеит Аџьариеи, Аладатәи Осетиеи, Аҧсни рнапхгацәеи Урыстәыла адәнытәи аусқәа рминистр Игор Иванови реиҧылара. Уи азкуп Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа. Уаанӡа Аладатәи Осетиеи Аҧсни рнапхгацәа ирҳәахьан, рреспубликақәа Урыстәылатәи Афедерациа алаҵара шаку хықәкыс ирымоу. Ареспублика Аҧсны Москватәи ахаҭарнакраҿы ишырҳәаз ала, уи анапхгара макьана Москва имаац. Урҭ рхы аладырхәуеит абҵара 26 рзы имҩаҧысуа Аҧсны Аконституциа Амш иадҳәалоу аныҳәатә усмҩамгатәқәа. Уи аамҭазы Едуард Шьеварднаӡе Еиду Америкатәи Аштатқәа ирхареитәуеит иара дахызхыз аоппозициа ацхыраара аҭара. 28.11.2003 Радио "Маяк"