Aнглиа имҩаҧысит кавказтәи аҳәсақәа рлига реизара
Материал из Wikipedia.
Aтәылауаҩратә дипломатиеи иофициалтәу аицәажәаратә процесси, Гал араион аҿы аҭагылазаашьеи аибашьра аиҭаламгаразы агарантиақәеи - абарҭ азҵаарақәа ирызкын ҧхынгәы 24-25 рзы Форнҳам (Aнглиа) имҩаҧысыз аиҧылара. Кавказтәи аҳәса рлига еиҿнакааз ари аиҧылара иалахәын Аҧсны аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, апарламент-бжьаратәии адәныҟатәии аимадарақәа рпарламенттә комитет ахантәаҩы Беслан Быҭәба, Қырҭтәыла аус ҷыдақәа рминистр Малхаз Какабаӡе, Қырҭтәыла аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Заал Гогсаӡе. Аделегациа иалаз Аҧснытәи аҳәса ирылан Гал араион иаланхо ахаҭарнакцәагьы. Сергеи Шамба ишиҳәаз ала, аиқәшәара даара аинтерес аҵан, алыҵшәақәагьы аманы имҩаҧысит.