Web - Amazon

We provide Linux to the World


We support WINRAR [What is this] - [Download .exe file(s) for Windows]

CLASSICISTRANIERI HOME PAGE - YOUTUBE CHANNEL
SITEMAP
Audiobooks by Valerio Di Stefano: Single Download - Complete Download [TAR] [WIM] [ZIP] [RAR] - Alphabetical Download  [TAR] [WIM] [ZIP] [RAR] - Download Instructions

Make a donation: IBAN: IT36M0708677020000000008016 - BIC/SWIFT:  ICRAITRRU60 - VALERIO DI STEFANO or
Privacy Policy Cookie Policy Terms and Conditions
Гьаргь Амҷба — Wikipedia

Гьаргь Амҷба

Материал из Wikipedia.

[править] АҦСЎА ЖӘЛАР ДРЫҦХЕЙТ АДЫРРА ДЫЎ ЗМАЗ АЎАҨЫ ЛАША, АЎАҨААМЫСҬАШӘА

Гьаргь Амҷба
Увеличить
Гьаргь Амҷба

Адырра егьакыўп, егьыҩбоўп рҳәойт. Егьйашоўп.

Гьаргь Амҷба аҧсўа жәлар рҭоўрых аҭҵаараҿы йааныйкылоз аҭыҧ хазын. Ўый йышьҭыйхўаз апроблемақәей, дзыхцәажәоз, йыҭыйҵааўаз атемақәа ргәылыршәашьей йырыбзоўраны аҧхьаҩцәа йыўысўымҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еймыҵәҵәа йыргон.

Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәей ейўейҧшым айзгақәей йырныйҵахьаз аўысўымҭақәа маҷмызт, аха йанакәызаалак йара йыҟәныйшьон, „йыҵегь сылшар аўан“, – йыҳәон.

Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырҧшыз, лахә-лахәы ишьклаҧшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа „Аҧсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиҧш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аҧсназы ирҳәо“,

„Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аҧсны иамаз аполитикатә ҭагыла- заашьа“, „Абжьаратәи ашәышықә- сақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аҧсни аҧсуааи рыӡбахә ишалацәажәо“, “Афон-Ҿыц“ уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рҕьырак аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкыланы, жәларык раҳасаб ала ишышьақәгылаз, нас VIII-X ашәышықәсақәа рзы Кавказ зегьы зырхыџхыџуаз афеодалтә ҳәынҭқарра шыҟарҵаз уҳәа ҳгәы зкуаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҳарҭоит. Егьырҭ иаҳдырбоит жәынгьы-ҿангьы ҭаха ҳазымҭоз ҳгәылацәа бзиахәқәа аҳәаҭыхла ирҿагыланы ҳабацәа дуқәа рыдгьыл гәакьеи рбызшәеи шырыхьчоз.

Аҧсуа культуратә ҧсҭазаараҿы зеиҧш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиҧш, формалагьы иҧшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аҧсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиҧш, ари ашәҟәаҿы автор аҧхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аҧсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыҧшымразы урҭ иаадырҧшуаз ахаҵареи.

Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аҧсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы, ари Аҧсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аҧсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ҧсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиҧш, ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.

Аҵарауаҩ ихи иҧси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.

Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыҧшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аҧсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аҧсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.

Аҧхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиҧш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аҧсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аҧсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыҧсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыҧи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵҕәыс иҟаҵаны, автор иааирҧшуеит аҧсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиҧш аразҟы илахь ианымызт.

Иҟоуп акьыҧхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аҧсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аҧсуаҭҵаараҿы уникалтә ҧҵамҭа ҿыцуп. Аҧсуа саҧсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиҧарахьыӡқәа уҳәа аҧхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аҧсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.

Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аҧсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аҧсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аҧсуаа рҽыбҕаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт, иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.

Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырҧшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.

Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник лгәаҟра“ аҧсышәала идырцәажәахьан. Иара ихалагьы аҧсуа ҧхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аҧсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан „Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аҧсуа ҧхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аҧсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.

Гьаргь Амҷба аҧсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аҧсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аҧсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыҧхьон, зны Аҧсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аҧсуара рылаиааӡон.

Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыҕә-ҕәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.

Хынҩажәифба шықәса қәрам аҧсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.

Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.

Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аҧсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыҧсахша аҭоурыхҭҵааҩ иҧшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аҧсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырҧшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.

Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арҧысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дҧышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын.

Ҳажәлар дрыҧхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.

Our "Network":

Project Gutenberg
https://gutenberg.classicistranieri.com

Encyclopaedia Britannica 1911
https://encyclopaediabritannica.classicistranieri.com

Librivox Audiobooks
https://librivox.classicistranieri.com

Linux Distributions
https://old.classicistranieri.com

Magnatune (MP3 Music)
https://magnatune.classicistranieri.com

Static Wikipedia (June 2008)
https://wikipedia.classicistranieri.com

Static Wikipedia (March 2008)
https://wikipedia2007.classicistranieri.com/mar2008/

Static Wikipedia (2007)
https://wikipedia2007.classicistranieri.com

Static Wikipedia (2006)
https://wikipedia2006.classicistranieri.com

Liber Liber
https://liberliber.classicistranieri.com

ZIM Files for Kiwix
https://zim.classicistranieri.com


Other Websites:

Bach - Goldberg Variations
https://www.goldbergvariations.org

Lazarillo de Tormes
https://www.lazarillodetormes.org

Madame Bovary
https://www.madamebovary.org

Il Fu Mattia Pascal
https://www.mattiapascal.it

The Voice in the Desert
https://www.thevoiceinthedesert.org

Confessione d'un amore fascista
https://www.amorefascista.it

Malinverno
https://www.malinverno.org

Debito formativo
https://www.debitoformativo.it

Adina Spire
https://www.adinaspire.com