Аҧсуа-ақырҭуа конфликт аҭышәныртәалараҿы ҧхьаҟа шьаҿақәак ҟаҵоуп
Материал из Wikipedia.
Ниу-Иорк - Аҧсуа-ақырҭуа конфликт атышәныртәалараҿы "ҧхьаҟацаразы шьаҿақәак ҟаҵоуп" аха акыр аамҭа зцазқәа астабилра азы Аҧсны ҧхьаҟатәи астатус азҵаара Қырҭҭәыла иаланы аӡбара аҭахуп. Ари аҩыза алкаа ҟалцеит ахаша Ниу-Иорк ажурналисҭцәа ирылҭоз аинҭервиу аҿы ООН Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Испециалтә Хаҭарнак Ҳаиди Талиавини. Аҵыхәтәантәи амзқәа рызтәи ихадароу қәҿиараны уи илҧхьаӡоит ҧхынгәы азы имҩаҧысыз Қарҭи, Аҟәеи, иара убас "Қырҭҭәылазы Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Иҩызцәа Ргуҧи" (Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Британиа Ду, Франциа, Германиа злоу) Женеватәи реиҧылара. Ҳаиди Талиавини ишаҵылшьыз еиҧш, аиҧылараҿы аекономикеи, аполитикеи, ашәарҭадареи, ахҵәацәа рырхынҳәреи рызҵаарақәа рҿы иконкретәу ашьаҿақәа рыҟаҵаразы астратегиа алхра аус азун. "Ҷыдала аҵак ду аманы уи иазылыҧхьаӡеит аҧсуааи ақырҭқәеи еиланы аминисҭррақәа рыҩаӡараҿы иҟоу аделегациа Босниеи Ҳерцеговинеи рцара. "Аҩ-ганкгьы мчыбжьык аҩныҵҟа рылала ирбеит аконфликт ашьҭахьтәи аситуациаҿы жәларбжьаратәи аидгыла ацхыраарала зылыршара ауа",-лхәеит уи. Аделегациа иалаз рҧылеит анапхгара, иара убас зыҩныҟа ихынҳәуа ахҵәацәа. Урҭ ыҟан жәларбжьаратәи астандартқәа рыла иахьазыҟарҵо аполициатә академиаҿы. "Аҩ-ганкгьы рзын ари авизит ҿыц-аартыраны иҟалеит,"-иазгәалҭеит ООН Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Испециалтә Хаҭарнак. 13.11.2003 РИА "Новости"